Print this page

АԤСНЫҞА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА ИААИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА АМИНИСТРРЕИ АФЫМЦАМЧ АМИНИСТРРЕИ РХАҬАРНАКЦӘА ЗЛАХУ АДЕЛЕГАЦИА

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 11:16 283

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсныҟа аусуратә визитла иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аделегациа. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган  Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвичи афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы дырԥылеит.

Аԥсны аҳҭнықалақь ахь амҩа иахьықәыз урыстәылатәи аколлегацәа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә программа ахарџь ала зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа асоциалтәи аинфраструктуратәи аобиектқәа гәарҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.  

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:16