Print this page

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АРЦАХ АЖӘЛАР АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ НЫҲӘА – АРЕСПУБЛИКА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аԥшьаша, 02 Цәыббра 2021 10:12 332

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Арцах ажәлар аҳәынҭқарратә ныҳәа - Ареспублика амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Араиқ Владимир-иҧа!

Аԥсны жәлар рыхьӡала хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа - Ареспублика амш. 1991 ш. цәыббрамза 2 рзы арцахәтәи аҳәынҭқарра аргылареи асоциалтә-економикатә ҿиареи, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчареи рзы аамҭа ҽыц хацыркхеит.

Иахьа Арцах иуадаҩу аибашьратә аамҭа иҭагылоуп. Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит зықьҩыла иреиӷьу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи. Убри аангьы, ҳаҭыр зқәу Араиқ Владимир-иԥа, Шәара зхадараҿы шәыҟоу атәыла анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит ашәарҭадара алыршаразы, Арцах аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы.

Ҳаҭыр зқәу Араиқ Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, иҳараку, аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡарақәа, Арцах ажәлар зегьы - аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара".

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 18:15