Print this page

АԤСНЫ COVID-19 АҞЫНТӘИ АЛАҴА «СПУТНИКОМ ЛАЙТ» ҞАЗҴАЗ РХЫԤХЬАӠАРА 1870 –ҨЫК РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ

Ахәаша, 27 Нанҳәа 2021 12:01 240

Аҟәа. Нанҳәамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10 инаркны нанҳәамза 27-нӡа Аԥсны COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа «Спутник Лайт» ҟазҵаз ауаа рхыԥхьаӡара 1870-ҩык рҟынӡа инаӡеит:

Аҟәа ақалақь – 1030 -ҩык, Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 268-ҩык, Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 236 -ҩык, Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 124-ҩык, Гәдоуҭатәи араионтә поликлиника аҿы – 148-ҩык, Ҭҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы– 41-ҩык, Гал араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы– 23 -ҩык.

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 17:07