Print this page

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АИҲАБЫРА АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨ А.В. НОВАК ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 23 Нанҳәа 2021 11:00 187

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ А.В. Новак Иира Амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Валентин-иԤа!

Ишәыдышәкыл шәиубилеи инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҳҵо адныҳәалара.

Аҭакԥхықәра зцу шәусураҿы иреиҳау аихьӡарақәа риура шәылдыршоит аҳәынҭқарратә маҵзураҿы ишәымоу аԥышәа, шәыпрофессионализм ҳаракы, шәгәамч.

Шәара хаҭала иҟашәҵо анырра, ацхыраара иабзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциалтә-економикатә усеицуразы актуалра злоу азҵаарақәа ирласны рыӡбара алыршахоит. Гәахәара дула исгәалашәоит Москва аусуратә визитла сыҟазааран имҩаԥысыз ҳусуратә еиԥыларақәа.

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Валентин-иԥа, шәиубилеитә ныҳәамш аҽны, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ахирра, еицакра зқәым агәамчи Урыстәыла ахьӡала аԥхьаҟатәи аихьӡарақәеи.

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:24