Print this page

АԤСНЫ 1992-1993 ШШ. АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Асабша, 14 Нанҳәа 2021 11:54 250

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц инеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟаз атәыла анапхгара Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ахьӡ-Аҧша Амемориали Ешыра ақыҭаҿы Актәи Ахада Владислав Арӡынба  Имемориали аҟни ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.