Print this page

АСЛАН БЖЬАНИА ДРЫДЫШШЫЛЕИТ ЗЫԤСҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ ОҬАР ЛАКРБА ИҬЫНХАЦӘА

Асабша, 07 Нанҳәа 2021 09:52 423

Аҟәа. нанҳәа 7, 2021. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз “Ахьӡ-аҧша” аорден занашьоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада ихаҭыҧуаҩ Оҭар Лакрба иҭынхацәа.

“Даара сгәы иалсит амилаҭ телехәаҧшра аҿиара зыҧсҭазаара аиҳарак азызкыз, ажурналист ҟаза, апатроиот, ауаҩ гәыраз иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра. Уи цәыӡ дууп аҧсуа журналистиказы. Ирацәоуп Оҭар Лакрба иџьабаа, 40 шықәса инарзынаҧшуа аус иуан аҧсуа радиои ателехәаҧшреи рҿы. Оҭар иҿцәажәара еснагь аинтерес ду аман, ихәыцрақәа ҵаулан, илаф пшӡан, даамысҭашәан. Ауаҩы лаша, ауаҩ гәыцқьа игәалашәара еснагь иҳацзаауеит”.

Аслан Бжьаниа,

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.