Print this page

ИԤҬАЗААРА ДАЛҴИТ СЕМИОН АДЛЕИБА

Ашәахьа, 03 Лаҵара 2021 16:43 291

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, «Агәымшәаразы» амедали «Ахьӡ-Аԥша» lll аҩаӡара аордени занашьоу Семион Михаил-иԥа Адлеиба иԥҭазаара дшалҵыз азы адырра ҟанаҵоит, уи иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.