Print this page

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АХАҴА АМШЫН ДАГЕИТ

Ашәахьа, 03 Лаҵара 2021 16:40 291

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика атәылауаҩ иахьа ашьжьымҭан асанатори МВО аӡҭаларҭа азааигәара амшын дагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

1987 шықәса рзы ииз атәылауаҩ Џьынџьал хабарда ибжьаӡра азы адырра Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭа ахь иҟалеит ашьжьымҭан, 06 сааҭки 50 минуҭи рзы. Амшын ахықә аҿы иԥшаан хабарда ибжьаӡыз имаҭәақәа.  Аԥшааратә операциа рхы аладырхәит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа, амедицинатә усбарҭа, аиқәархаратә отриад, Аҟәа ақалақь аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа. Хабарда ибжьаӡыз ауаҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит амшын аҟәара аҟынтәи  20 метра иацәыхараны аӡы аҵаҟа х-метрак аҵауалара аҟны.