Print this page

БЕСЛАН БИГӘАА ОЧАМЧЫРА АРАИОН АХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАҨЫС ДҞАҴОУП.

Ашәахьа, 12 Мшаҧы 2021 10:38 380

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очавмчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩы изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. «Аԥсны администратиатә-ҵакырақәа рҿы анапхгараҭара азы» азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Габелаиа Артиом Гиви-иԥа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит. Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵазааит Бигәаа Беслан Владимир-иԥа»,-ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аҟны.

Last modified on Аԥшьаша, 15 Мшаҧы 2021 10:39