Print this page

Аминистрцәа Реилазаара аҿы аӡәгьы акоронавирусттә ҿкы чымазара идбалаӡам.

Аԥшьаша, 06 Нанҳәа 2020 11:13 1767

Асанепидстанциа алабораториа агәаҭара алҵшәақәа рыдгалара мҩаԥнагеит. 

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2020 ш. Аԥсныпресс.  Асанепидстанциа алабораториа акоронавирусттә ҿкы чымазара  аарԥшразы аԥыза-министр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа, Аппарат анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи ирымхыз абиоматериал ала имҩаԥгаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа  аминистрцәа Реилазаара Аппарат аҿы адгалара мҩаԥнагеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. 

Аспециалистцәа рылкаақәа рыла, ԥхынгәымза 30 азы агәаҭара иахысыз аӡәгьы акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-2019 идбалаӡам.
 
Аҳақьымцәа Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. 

Last modified on Аҩаша, 18 Нанҳәа 2020 13:08