Print this page

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Думаа А. Н. Иирамш идиныҳәалеит

Ашәахьа, 21 Ԥхынкәын 2020 14:50 857

Ашәахьа. Ԥхынҷкәын . Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҧсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Думаа А. Н. Иирамш идиныҳәалеит:

“Ҳаҭыр зқәу Аполлон Нестор-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира амш.

Шәара напхгара ашәҭоит Аҧсуа ҳәынҭқарраҿы аҵак ду  змоу ауаажәларратә еиҿкаара - Абыргцәа рхеилак. Жәытә-натә аахыс аҧсуа жәлар ҳаҭыр рзақәын абырг ҟәыҕа иажәа. Уи  иамаз амч иаӡбон аимакқәа, еиннаршәон аиҕара зыбжьаз.

Иахьа Аҧсны – азакәан ҧыжәара ахьамоу зинтә ҳәынҭқарроуп.  Убри инаваргыланы ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аҳәоуеиқәшәара, аихаҵгылара, аизыӡырҩра еснагь иҟазарц азы  аҵак ду шамац иамоуп ҳбыргцәа бзиақәа шәажәа. 

Аполлон Нестор-иҧа, ишәзеиҕьысшьоит ҭаацәаныла агәабзиара, ақәранҵыра ду, анасыҧ”.

Last modified on Ашәахьа, 21 Ԥхынкәын 2020 15:00