Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

«АҲАԤҚӘА РҾЫ ИНХОЗ АБНАУААГЬЫ РЫНХАРҬАҚӘА ДЫРԤШӠОН, РЫНХАШЬА ДЫРМАНШӘАЛОН»: КОНСТАНТИН ҬЫЖӘБА АШӘҬҚӘА РЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤИГЕИТ.

Ахаша, 08 Рашәара 2022 10:54 194

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Рашәарамза 7 рзы Академик Марр имҩаду ала игылоу, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа Апрезидент Констанин Ҭыжәба  иҩны аҟны абар шьҭа ԥшьынтәны «Аҟәа. Ақалақь ариаҵәара. Анхарҭатә сектор» ҳәа хыс иаманы ашәҭқәа рцәыргақәҵа еиҿкаахеит. Раԥхьаӡа акәны ари ацәыргақәаҵа аиҿкаара ахы аланархәит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатагьы.

Ацәыргақәҵа ахықәкы хаданы иҟоуп – Аҟәа ақалақь ицқьоу, ишәҭыкакаҷуа қалақьны аҟалара азы аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь ааԥхьара аҟаҵара.

Мыцхәы идууцәам, 6 шәкырак инаӡо адгьыл аҿаҵа аҿы  Константин Ҭыжәба илиршеит 100 хкык инарзынаԥшуа аҵиаақәа реиҭаҳареи рааӡареи. Уи иажәақәа рыла, ари  аус ахь абзиабара имоуижьҭеит абар шьҭа 30 шықәса иреиҳамзар иреиҵам. «Араҟа иҟоуп шықәсырацәа еизҳауа аҵиаақәа реиԥш шықәсы заҵәык изызҳауагьы.  Сара сбаҳчаҿы ашәҭхкқәа рыбжьара иҟоуп агерань, уи аԥсуаа ҵыкә ишәҭ, мамзаргьы ҵыкә ихәшә ҳәа иашьҭоуп,  петуниа, вербена, аԥсышәала иушәозар,- адәыҳәымсаг, агортензиа, Аниута лыблақәа ҳәа изышьҭоу, ахризантема, аԥсышәала - аҟәышәҭы, ажасин-аџьыԥ, акрокусқәа, агәилқәа, уҳәа убас хкы-хкыла ирацәаны.  Араҟа ирызҳауеит иара убас глициниа, бугенвиллиа ҳәа изышьҭоу ашәҭхкқәагьы», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Имариам ахьӡқәа змоу аҵиаақәа рыԥшӡареи аԥхынтәи ашоура хызҽуаз урҭ рышәшьыреи араҳаҭреи агәкаршәреи дырҿион. Сара сылаԥш адхалеит аԥсуаа ҵыкә ишәҭ ҳәа изышьҭоу агерань, уи ишкәакәоу ашәҭ ссақәа рыла аҩны ахаҿратә ган ауарҳал еиԥш ихнаҩеит.

Ацәыргақәҵа иаҭааз зегьы Константин Ҭыжәба иҟынтәи ашәҭ аиҭаҳатә зҭаз ашәҭрақәа ҳамҭас ироуан.

Ари аҩны ссир аԥшәма ажурналистцәа икәшаны икырҭа рибаҭомызт, зегьы зҵаарак-зҵаарак ирҭон, сара сакәзар, насҭха сгыланы, издыруада, зҵаарақәак сызиҭозар ҳәа  сыԥшын.  

-Шәара шәышԥахәаԥшуеи шәыҩны Аҟәа ақалақь аблахгыгарҭақәа  иахьреиуоу? 

- Ибзиаӡаны исыдыскылоит, аха иазгәасҭарц сҭахуп даҽакгьы, ас еиԥш аҭеиҭыԥш роуроуп ақалақь аҿы иҟоу аҩнқәа зегьы, мамзаргьы урҭ рӷьырак. Атәылақәа жәпакы рҿы, аԥшәма иҩны-игәара ацклаԥшра азы алшара имамзар, усҟан  уи ацхыраара ирҭоит атәыла анапхгара, ахәҭакахьала амуниципалтә напхгараҭара. Ус акәымкәа, амчи алшарагьы уманы, аха убри аан агәазыҳәара ааумырԥшлар, усҟан ахараԥса уқәырҵоит. Абас ауп ауааԥсыра аус рыдулара шахәҭоуп. Аӡәгьы иахьа уажәраанӡа ауаажәларратә усзуҩцәа ауааԥсыра рахь иҟарҵоз ааԥхьарақәа аԥиимхӡацт. 60-тәи ашықәсқәа инадыркны Асовет Еидгыла иалаз ареспубликақәа зегьы рҿы абжьааԥны сабшала еиҿкаахоз  арыцқьаратә усмҩаԥгатә ахь ацәырҵразы лассы-лассы ааԥхьарақәа ҟарҵон.  Ҳара ҳҿы ишԥаҟоу уи иадҳәалоу аҭагылазаашьа? Ирулакгьы аллеиа ааиҭаҳаны инагьежьаанӡа, хылаԥшрада иқәхаз арахә накылсны аҵиаақәа зегьы хыжәжәаны ирзыфаз рфоит иаанхаз акы иумыхәо инадҵны ицоит. Уи аҩыза ҟамлароуп. Ауаҩы еиҭеиҳаз дахылаԥшуазароуп.  

- Ашәышықәса алагамҭазы аус зуаз ашәҟәыҩҩцәа ргәалашәарақәа рыла, усҟан Аҟәа ақалақь еиаҵәабӷьыла иҭалаҳан. Ҳаҳҭнықалақь ҩаԥхьа ишәҭыкакаҷуа қалақьны аҟаларазы иҟаҵатәузеи иахьа?

 - Уи ауаҩы иҩныҵҟатәи идунеихәаԥшышьеи игәазыҳәарақәеи ирықәшәо иҟалар ауп. Аҳаԥқәа рҿы инхоз абнауаагьы рынхарҭақәа ирхылаԥшуан, идырԥшӡон, иманшәаланы иҟалартә еиԥш напы адыркылон. Уажәы алшарақәа маҷымкәа иҟоуп ақалақь ариаҵәаразы, дарбанызаалак иҩны ааигәа-сигәа ашҭа аума адәы аума арԥшӡареи аилыргареи илшоит иҭаххар. Уи азы иаарԥштәуп ачҳареи аџьабзиабареи.  Ахатәы ҩнқәа рҿы абарҵақәеи аԥенџьыркыӷәрақәеи рҿы ашәҭқәа ықәыргыларзар ҟалоит, абарҵаҿаԥшьы аҿы аҭӡы, ма ашьаҟа иақәло еикәаҳәуа аҵиаақәа еиҭауҳар алшоит. Аха рыцҳарас иҟалаз, иахьа еикәаҳәуа аҵиаақәа рыла иҟаҵоу агәараанда амыцхәрас    лассы-лассы улаԥш иақәшәоит ажьакца иакхьоу арматура. Баша ибаҳаны ишьҭоу адгьылгьы ԥшӡоуп. Аҩнеихагылақәа рҿы иҟоу ауадақәа рҿы аԥенџьырқәа аҿоуп, зегьы ирзеиԥшу аҩналарҭеи адәи ыҟоуп. Ҳара ҳаԥсабара ҳаҳҭнықалақь ишәҭыкакаҷуа қалақьны аҟаҵаразы зеиӷьаҟам ала  ианаалоит. Шәааи ҳаидгыланы, ҳақалақь гәакьа напы адаҳкылап.  

 

Last modified on Аԥшьаша, 09 Рашәара 2022 11:34