Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘАТӘИ ИРЕИҲАӠОУ АЗЕИԤШАРРАТӘ КОМАНДАТӘ ҴАРАИУРҬА АБИТУРИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА ИАЛАГЕИТ.

Ахәаша, 27 Лаҵара 2022 10:56 96

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командатә Ҵараиурҭа азанааҭҵара «Амотохысратә ҟәшеиҵақәа арратә хархәара», иара убас атәылауаҩратә занааҭ «Аперсонал азы аменедџьер» рыла  абитуриентцәа рыдкылара иалагеит.

Аҵара – 4 шықәса ирылагӡахоит. Аҵараиурҭа алгара ашьҭахь аушьҭымҭацәа «алеитенант» ҳәа арратә хьӡы ранашьахоит.

Аҭаларазы аусшәҟәы рыдыркылоит рашәарамза 10, 2022 шықәса рҟынӡа анхарҭаҭыԥ иахьаҵанакуа иҟоу Арратә комиссариатқәа рҿы.

Адыррақәа раиуразы абарҭ аҭел аномерқәа рыла адҵаалара ҟалоит: +7 (940) 773 47 47; 8 (840) 229 77 348; 8 (840) 229 77 34».