Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АРГЫЛАРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 25 Лаҵара 2022 16:40 58

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара. Уи рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Шьаҭанкыла аргылара азы Аусбарҭа анапхгараҭара, иара убас Ареспубликатә унитартә Наплакы "Аԥсныргылара", аилазаара «Интерпроект» анапхгаҩцәа.  

Ахәыҷтәы медицинатә усбарҭа аргылара Аинвестициатә Программа ала иазԥхьагәаҭоуп. Уи ахарџьынҵа ала 320 млн. мааҭ ақәхарџьхоит.

Апроект заанаҵтәи аусдулара астадиа аҿы ахыдҵақәа алкаауа Алеқсандр Анқәаб аобиект иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа ршәагаа, уи атехникатә еиқәыршәарагьы уахь иналаҵаны, иазԥхьагәаҭоу аицҵалыц иахымсуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аҳасабтә аҟаҵараан аспектқәа зегьы хымԥада ҳасаб рызузароуп – амедусбарҭа афункционалтә зкызаара, уи апациентцәа рыла иаиураны иҟоу ақәыӷәӷәаразы абжьарастатистикатә рбагақәа, амедицинатә персонал аҟазаареи уи иаиуаны иҟоу аусуратә қәӷәӷареи, иара убас ахәышәтәырҭа иаҭаараны иҟоу рхыԥхьаӡаразы азԥхьагәаҭара, уҳәа убас иҵегьы.

Ахарџьқәа реизырҳара  аганахьала апроект ахәԥса аиҭахәаԥшра ахьзалмыршахо инамаданы, аԥыза-министр апроектҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа ахыдҵа хада ықәиргылеит:

«Ҳара реалла иҳамоу алшарақәа ҳаҽҭыгҭагӡаны иубартә иҟоу аперспектива змоу, шьаҭанкыла иҿыцу, аеффективра злоу ахәыҷтәы стационартә усбарҭа аԥаҳҵароуп».

Апроект-харџьынҵатә документациа аус адулара, ақәыршаҳаҭра, анаҩс ашьақәырӷәӷәара, ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшазароуп, аргыларатә усурақәа ралагара азԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса рзы.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.