Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЛАҴАРАМЗА 21 - КАВКАЗТӘИ АИБАШЬРА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРЕИ КАВКАЗ АШЬХАРЫУА ЖӘЛАРҚӘА МЧЫЛА РАХГАРЕИ АМШ АУП.

Асабша, 21 Лаҵара 2022 10:21 55

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәареи Кавказ ашьхарыуа жәларқәа мчыла рахгареи рымш азгәарҭоит.  Лаҵарамза 21, 2022  шықәса рзы Аурыс-Кавказтәи аибашьра нҵәеижьҭеи 158 шықәса ҵуеит. Ари аибашьра иахҟьаны  XIX ашәышықәса азы зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь имцар ада ԥсыхәа рмоуит. 

Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа адунеи 50 тәыла рҿы иқәынхоит. Зегьы раасҭа ирацәаны аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.

Традициала ишаԥу еиԥш, аҭоурых  аҿы аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа ирыхҟьаны Рыԥсадгьыл ааныжьны  ицаз аԥсуаа ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы  шьыжьы инаркны Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа аҿы игылоу Амҳаџьырқәа Рмемориал ааигәара еизоит хыԥхьаӡара рацәала ауаа: ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ареспублика анапхгара, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арепатриантцәа. Уаанӡа ари амш Аԥсны иазгәарҭон лаҵарамза 31 рзы, аха 2011 шықәса инаркны уи лаҵарамза 21 азы иазгәарҭоит.

Лаҵарамза 31, 1990 шықәса рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы агәалашәаратә хаҳә шьҭарҵеит.  Цәыббрамза, 2010 шықәсазы уи ахаҳә аҭыԥан ишьақәыргылан аԥсуа мҳаџьырқәа – 19 ашәышықәсазы иҟалаз Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟа.  Ари абаҟа аџьаз иалху аҽыуаҩи уи иҽи рсахьа ауп. Аҽыуаҩ хыхь ишьҭыхны ику иҭаҷкум иаанаго аиҭаҿиара ашьҭазаара ауп. Аскульптура автор  – еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, аскульптор Геннади Лакоба.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа Қьефқьен апровинциа аԥшаҳәа аҿы инеиуеит. Араҟа  XIX ашәышықәса  80-тәи ашықәсқәа рзы аҭырқәа ӷбақәа мшынла иахганы иааргоз зықьҩыла аԥсуаа ӡхыҵуан. Урҭ аӡәырҩы аҳаԥқәа рҿы ахыҵакырҭақәа рыԥшаар акәхеит, араҟа урҭ реиҳараҩык амлеи ачымазареи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Иҟоуп зыдгьыл гәакьа ацәыӡра иадҳәалоу атрагедиа рыхганы атәым дгьыл аҿы анхара зылшазгьы. Қьефқьен иҟоуп аҭоурыхтә аԥсуа ԥсыжырҭа, уи иара убас «Араш нышәынҭра» ҳәа иашьҭоуп.  Ҭырқәтәыла  инхо аԥсуаа  акыр аҭоурыхтә маҟәмабарақәа шырхыргазгьы, рхатәы бызшәа, рытрадициақәа, рхылҵыштҭратә кьабз, рмилаҭтә ҷыдара аиқәырхара рылшеит.  Ауаа Аԥсны иаанрыжьыз ақыҭақәа иреиԥшу аҭыԥқәа рыԥшаара рҽазыршәон. Араҟа инхон-инҵуан. Амҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа рҭаацәарақәа рҿы биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииасуеит рҭоурыхтә ԥсадгьыл - Аԥсныҟа ахынҳәразы агәазыҳәара.