Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АФЫМЦАЦӘАҲӘАҚӘА РЫҚӘЫӶӘӶӘАРА ҨАԤХЬА ИАЦЛОИТ.

Ахәаша, 20 Лаҵара 2022 19:51 72

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аенергетикатә система  аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа  иазкын Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгараҭара алахәылацәеи уи арегионалтә ҿгақәа рнапхгаҩцәеи алархәны ахәаша, лаҵарамза 20 рзы имҩаԥигаз аусуратә еилатәара. 

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара ҩаԥхьа  ӷәӷәала иацлоит, ус аринахысгьы иҟалар, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала апроблемақәа ҟалар алшоит ҳәа иазгәарҭеит. 

Аԥхынтәи аамҭахәҭа азы афымцалашара ахархәара ахьацло инамаданы ауадаҩрақәа цәырҵыр алшоит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган акризистә ҭагылазаашьа аԥхьырҟәҟәаара азы афымцамч аекономиа азы зыԥшра ҟамҵаӡакәа ауснагӡатәқәа рыдкылара хымԥадатәиуп.

Афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара ахьмаҷууи уи азы еизаз ауалқәеи ари аусхкы аҿы аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит.

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:43