Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ ПРОГРАММА ИАДҲӘАЛОУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘАК РЫНАГӠАРА ИАЗКУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 18 Лаҵара 2022 21:48 61

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәак  рынагӡара иадҳәалу азҵаарақәа ирызкын лаҵарамза 18 азы атәыла аԥыза министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган,  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови  Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭеи Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» анапхгаҩцәеи.

Иалацәажәеит Аҟәа ақалақь аҿы амҩақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәаланы имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа, иара убас асоциалтә ҵакы змоу аобиектқәа – Афонҿыцтәии Очамчыратәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы аргыларатә гхақәеи амалырқәеи рырҽеира.

Излацәажәаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас ҳазҭоу аамҭазы Очамчыратәи алицеи-интернат, Лыхнытәи, Дәраԥшьтәи абжьаратәи ашколқәа, иара убас Лыхны ақыҭан иҟоу аибашьцәа рмемориал аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәагьы. 

Атәыла аԥыза-министр Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭеи Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» анапхгаҩцәа иарбоу аобиектқәа рҿы ихымԥадатәиу аусрақәа рымҽхак аилкаареи апроект-харџьынҵатә документациеи реиқәыршәара азы адҵа риҭеит.

Аилатәара иалахәыз иҳаҩсыз ашықәс азы ҳреспублика аҿы иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ааха зауз  ауааԥсыра ироуз азарал ахарҭәаара азҵаара иалацәажәеит.

 

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:28