Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЛАҴАРАМЗА 21 АЗЫ АԤСНЫ ИАЗГӘАРҬОИТ КАВКАЗТӘИ АИБАШЬРА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АМШ.

Ахаша, 18 Лаҵара 2022 12:41 74

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 21 азы Аҟәа ақалақь аҿы иазгәарҭоит  1817 – 1864 шш. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.

Лаҵарамза 21, асааҭ 10:00 рзы иалагоит Амҳаџьыраа Рымшаҳәа аҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа.

Асааҭ 10:00 рзы – Аԥсны аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа арепатриантцәа иреиуоу асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аартра мҩаԥгахоит.

Асааҭ 10:30 рзы – амҳаџьыраа баҟа аҿаԥхьа аҵлақәа реиҭаҳара.

Асааҭ 12:00 рзы –  Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы афотоцәыргақәҵа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 12:30 рзы Ԥыхьатәи аминистрцәа Реилазаара ахыбра ашьҭахь иҟоу ашьапылампылтә стадион аҟны ашьапылампыл азы (2-тәи аетап) атурнир-маҷ алагоит.   

Асааҭ 18:55 рзы – Амҳаџьыраа рбаҟа амҵан ацәашьқәа раркра.

Асааҭ 19:30  рзы – минуҭџтәи аҿымҭра.

Асааҭ 20:00 рзы амҳаџьыраа рбаҟа ааигәара агәалашәаратә амца еиқәҵахоит, иара убас ашәҭшьыҵәрақәеи ашәҭрқьақьақәеи амшын рахҵара иазку ацеремониа мҩаԥгахоит.

Иара убри амш аҽны  имҩаԥгахоит  амҳаџьыраа ргәалашәара Амш иазку атлетика ласы азы аиԥхныҩлара «Нарҭаа реиԥхныҩра ду».      

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:25