Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

РАШӘАРАМЗА 1, 2022 ШЫҚӘСА ИНАРКНЫ ГАГРА АҚАЛАҚЬ АКОНСУЛТӘ ҞӘША АҞНЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АТӘЫЛАУАҨШӘҞӘҚӘА РАИУРАЗЫ АУСШӘҞӘҚӘА РЫДКЫЛАРА ИАЗКУ АЗҴААРАҚӘА РЗЫ АУААԤСЫРА РЫДКЫЛАРА ИАЛАГОИТ.

Ашәахьа, 30 Лаҵара 2022 11:08 331

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.    Рашәарамза 1, 2022 шықәса инаркны Гагра ақалақь аконсултә пункт аҿы, абри аҭыӡҭыԥ ала: В.Г.Арӡынҩа имҩаду, аҩ. №58  (Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахыбра) 5 – 10 шықәса аҽҳәара змоу урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рауира иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ауааԥсыра рыдкылара иалагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа.

Аусура аамҭа: ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 10:00 - 18:00, аԥсшьара аамҭа асааҭ 13:00 инаркны 14:00 аҟынӡа. Ауааԥсыра рыдыркылалоит асааҭ 16:00 аҟынӡа.

Аконсултә маҵзура ахәԥса ушәар алшоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҿы (ақ. Гагра, Абазгаа рымҩаду, аҩ. № 55/4).

Last modified on Ашәахьа, 30 Лаҵара 2022 12:59