Print this page

АԤСНИ ШЬАМТӘЫЛЕИ АРРАТӘ УСХКЫ АҾЫ АУСЕИЦУРА АГАНАХЬАЛА АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Ашәахьа, 30 Лаҵара 2022 11:30 466

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 29 рзы, Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети азхаҵара Амш ԥшьышықәса ахыҵра аҽны, аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылахьчара аминистрцәа  арратә усхкы аганахьала аусеицура азы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.   

Шьамтәылатәи Арабтә Республика  Арбџьармчқәеи архәҭақәеи ркомандаҟаҵаҩ хада ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара аминистр, аинрал Али Махмуд Аббаси  Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-леитенант Владимир Ануеи аиҩызара зыбжьоу аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара арратә усхкы аҿы аусеиуцура азы еиқәшаҳаҭхеит, анаҩстәи аперспективақәагьы ирылацәажәеит.

 

Аԥсны атәылахьчара Ахылаԥшырҭа Хада анапхгаҩы иаҳаҭыр азы аныҳәатә дкылара мҩаԥысит, араҟа иарҳәан аҩ-ҳәынҭқаррак ргимнқәа.  

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо анапхгаратә делегациа  лаҵарамза  25 инаркны Шьамтәылатәи Арабтә Республика  аҳҭнықалақь  Дамаск аофициалтә визитла иҟоуп.

Лаҵарамза 27 рзы Владимир Ануа Дамаск ақалақь аҿы иҟоу Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ари агәалашәаратә церемониа рхы аладырхәит аԥснытәи аделагациа алахәылацәа зегьи шьамтәылатәи ар аинралцәеи.

Аԥсны атәылахьчара аминистр даҭааит иара убас  амемориалтә комплекс аҿы иҟоу Идырым асолдаҭ Имавзолеи. Уи араҟа агәалашәара ашәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит.

Last modified on Ашәахьа, 30 Лаҵара 2022 12:32