Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА АҾЫ АШӘҞӘЫ ДҬАРГАЛЕИТ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТС ИАЛХЫЗ ЛЕОНИД ЛАКЕРБАИА.

Ашәахьа, 16 Лаҵара 2022 17:14 82

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә Комиссиа Хада  аҿы лаҵарамза 16, 2022 шықәса азы «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхра азы» Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 35,  иара убас алхратә ҭыԥхада акомиссиа аҟынтәи АКХ ахь иаашьҭыз алхрақәа рылҵшәақәа рзы аԥкаанҵеи инақәыршәаны, ашәҟәы дҭагалахеит лаҵарамза  14, 2022 шықәсазы алхратә ҭыԥхада №18 аҿы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс  иалхыз  Лакербаиа Леонид Иван-иԥа, уи алхрақәа ирылахәыз алхыҩцәа рыбжьқәа аҟынтәи 55,05% иоуит.

Иарбоу аокруг ала иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа  – Леонид Иван-иԥа Лакербаиеи Беслан Иван-иԥа  Ҭаркьыли.  

Леонид Лакербаиа рыбжьы ирҭеит 1279-ҩык алхыҩцәа, Беслан Ҭаркьыл изы -  975-ҩык,  69 биуллетень иԥхасҭоуп ҳәа иԥхьаӡахеит.  

Алхрақәа зхы алазырхәыз ауаа рхыԥхьаӡара -  2323-ҩык рҟынӡа инаӡоит, процентла – 62,89%.

 

 

Last modified on Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 18:49