Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЛАҴАРАМЗА 14 – АԤСНЫ РАԤХЬАТӘИ АХАДА ВЛАДИСЛАВ ГРИГОРИ-ИԤА АРӠЫНБА ДАНИЗ АМШ АУП.

Асабша, 14 Лаҵара 2022 09:12 105

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба  даниз Амш ауп. Уи иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 77 шықәса.

Шьыжьы инаркны Владислав Григори-иԥа иқыҭа гәакьа Ешыра иҟоу Амемориал ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Владислав Арӡынба, иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, мрагыларадырҩы-   аҵарауаҩ дуӡӡа 65-шықәса дшырҭагылаз ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны, Москва ақалақь иԥсҭазаара далҵит хәажәкырамза 4, 2010 шықәсазы. 

Аԥсны Раԥьхьатәи Ахада Аҟәа амҩадуқәа руак ихьӡ ахуп, иара убас Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа».

Владислав Григори-иԥа 1990 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далхын.  Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Раԥхьатәи Ахадас дҟалеит, жьҭаарамза 3,  1999 шықәсазы иара деиҭалырхит Аҳәынҭқарра Ахадас.

Владислав Арӡынба – аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла, Адыгатәи Жәларбжьаратәи анаукақәа Ракадемиа алахәыла. 

Аԥсны аҳәынҭқарреи уи  ажәлари рԥеиԥш шьаҭанкыла  изыԥсахыз хәызмаӡам иааԥсареи, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аҿы аиааира агара алзыршаз  Арбџьармчқәа зегьы алархәны иара инапхгарала қәҿиарала имҩаԥгаз арратә операциақәеи рзы Владислав Арӡынба «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара ианашьахеит. Аԥсадгьыл ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы, Владислав Арӡынба  ианашьоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳарак.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амонографиақәа «Ажәытә Анатолиа амифқәеи аҵасқәеи».

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7846-14-maya-den-rozhdeniya-pervogo-prezidenta-respubliki-abkhaziya-vladislava-grigorevicha-ardzinba.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахәаша, 27 Лаҵара 2022 10:59