Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АИԤЫЛАРА АҾЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИҾКААРАҚӘА РЫПРОЕКТҚӘА РЫНАГӠАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахәаша, 13 Лаҵара 2022 14:56 111

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа  Гал ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара азы Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Гал араион ахада Константин Ԥлиа Аԥсны аус зуа инапхгаратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа алархәны аилатәара мҩаԥыргеит.

Аилатәара аҿы ҳазҭоу аамҭазы Гал араион иахьаҵанакуа иарбоу аиҿкаарақәа рыпроектқәа рынагӡра иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедиацентр.

Last modified on Аԥшьаша, 26 Лаҵара 2022 16:39