Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИНАПХГАРАТӘЫМ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИҾКААРА «АМЛАКРА АҾАГЫЛАРА» АПРОЕКТ АРКРА АЗЫ АӠБАМҬА АДНАКЫЛЕИТ.

Ахәаша, 13 Лаҵара 2022 16:14 102

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра инапхгаратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апроект анаркит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи иаадырԥшит инапхгаратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апроект «Аҿиара аусхк аҟны аинклиузивтә знеишьақәа рыла аҭыԥантәи ахаланапхгара аиӷьтәра» адыррақәеи уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәеи реиқәымшәара.

Асертификат аиуразы аусбарҭа иазынашьҭыз апроект анкетаҿ иахәҭаны иҟаз аинформациа нагӡаны иарбамызт. Анкета анашьҭра аԥҟаррақәа реилагара Аминистрра иҟаҵәҟьоу армаӡара иазырхоуп ҳәа иахәаԥшуеит.

Арахь иаҵанакуан аԥснытәии қырҭтәылатәии аҿар ахԥатәи атәылақәа - Молдавиа, Австриа, Ермантәыла уҳәа рҵакырақәа рҿы онлаини офлаини атренингқәеи асеминарқәеи реицымҩаԥгара амҩала акультурабжьаратә диалогқәа рылагалараз иазыԥхьагәазҭоз апроект ахәҭа.

Асеиԥш иҟоу акультурабжьаратә диалогқәа рылагалараз аԥшьгамҭақәа аполитикатә ҟазшьа рымоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рхықәкқәа, Аԥсны аганахь ала ирымоу аофициалтә программақәа ирықәшәоит. Абри инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагылараз» апрограммақәа руак аусура ааннакыларц азы аӡбра аднакылеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә саит.

2022 шықәса, мшаԥымза 8 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны аҵакыраҿы аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан «Амлакра аҿагылараз» Аофис ахада Ервин Блау ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иамаз аинформациа – ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Қырҭтәылеи рҿар асеминарқәеи атренингқәеи рҿы онлаини офлаини аформатқәа рыла ишеиныруа.

Аинформациа ҭҵааны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи инапхгаратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыпрограммақәа рынагӡараз аԥҟара апункт 4 ап.ҵ.4.5. напхгагас иҟаҵаны ари апроект аҿы иарбоу аԥшьгамҭақәеи ауснагӡатәқәеи ралмыршараз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апроект ареспубликаҿы аусура аанкылазарц азы аӡбра аднакылеит.

Абри аганахь ала ашәҟәы изынашьҭын «Амлакра аҿагылараз» Аофис ахада Ервин Блау.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ареспубликаҿы иҟоу Инапхгаратәым Аиҿкаарақәа (НПО) раартра апринципқәа аадырԥшларц ааԥхьара рзыҟарҵеит апроектқәа рынагӡараан, агуманитартә знеишьақәагьы рҳәаа иҭымҵларц азгәарҭеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аринахысгьы қырҭтәылатәи астратегиатә усшәҟәқәеи аҿиара апрограммақәеи иарбоу Қырҭтәыла Анапхгара аполитика Аԥсны иахьаҵанакуа аларҵәара иазку апроектқәа рынагӡара азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазырхоу аусура ҭакԥхықәрала инанагӡалоит.  

 

Last modified on Аԥшьаша, 26 Лаҵара 2022 16:05