Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БЖЬАНИА Л. И. ПАСЕЧНИК ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА АМИЛАҬТӘ НЫҲӘА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аԥшьаша, 12 Лаҵара 2022 12:05 103

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Л. И. Пасечник Лугансктәи Жәлартә Республика амилаҭтә ныҳәа идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Леонид  Иван-иԥа!

Лугансктәи Жәлартә Республика амилаҭтә ныҳәа инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсык ала иҟаҵоу адныҳәалара.

Ари амш  аҭоурых ҿыц адаҟьақәа ирнылоит аиашара аиааира анагаз мышны. Иаӡәыку, ахачҳара ду змоу ажәлар афырхаҵара аарԥшны Аԥсадгьыл ахақәиҭразы, аҭынчра ахьчаразы игылеит.

Сгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аусеицура есааира иацҵахоит ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иԥа, абри аныҳәамш азы Лугансктәи Жәлартә Республика ауааԥсара нашәыдкыланы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара”.

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 16:23