Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА ГӘЫМСҬАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛ 110- ШЫҚӘСА АХЫҴРА АИУБИЛЕИ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАРҴЕИТ.

Аԥшьаша, 12 Лаҵара 2022 22:22 170

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиани Апарламент адепутатцәа Галуст Трапизониан, Левон Галустиан, Ерик Рштуни Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Хачик-иԥа Чакриан ихьӡ зху Гәымсҭатәи абжьаратәи ашкол 110- шықәса ахыҵра аиубилеитә рыцхә азгәаҭара иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит.

Апарламент адепутатцәеи егьырҭ ари аусмҩаԥгатә иалахәызи ашкол ашҭаҿы игылоу  А. Х. Чакриан ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала Лаша Ашәба Гәмсҭатәи абжьаратәи ашкол аколлектив дрыдныҳәалеит.

Адныҳәаларатә ажәахә аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Жәытә-натә аахыс аерман жәлар ҳаҭырқәҵарала иазнеиуан аҵареи адырреи. Аерман жәлар аԥсуа дгьыл аҿы рықәынхара аҭоурых – аерман школқәа рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы шәышықәсатәи аиубилеи азгәазҭахьоугьы ыҟоуп. Гәымсҭатәи абжьаратәи ашколгьы урҭ иреиуоуп.

Шәышкол аҭоурых аҿы иҟоуп имаҷымкәа акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа. Ҷыдала иазгәаҭатәуп, ари ақыҭа ауааԥсыра иара убас ашкол аусура азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара  ишалахәыз, уи аколлектив хра злоу адгылара шрырҭоз.  

Шәара шәышкол зеиӷьаҟам аусшьҭымҭацәеи урҭ реихьӡарақәеи, аколлектив аҩныҵҟа аизыҟазаашьақәа иҳараку рыҩаӡара, иара убас абиԥарақәа  реимадаралеи рыла еицырдыруеит. Аиҳарак уи аарԥшхеит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан, иара убас 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан. Ари ашкол аушьҭымҭацәа аӡәырҩы аибашьра адәаҿы рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, урҭ ԥсрашьҭахь арратә хьыӡқәеи амедалқәеи аорденқәеи ранашьахеит».

 

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 16:15