Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА - АПАРАЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ МАКТИНА ЏЬЫНЏЬАЛԤҲА ЛУСУРАҾЫ АЦХЫРААРА ШЛЫҬАХО АЗЫ АЖӘА ЛЫРҬЕИТ.

Аԥшьаша, 12 Лаҵара 2022 16:41 176

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 12 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥхаи, уи напхгара зылҭо Аппарат аусзуҩцәеи аҳәынҭқарра-зинтәи  асоциалтәи аполитика азы апарламенттә Еилакқәа рҿы аус зуа  адепутатцәеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба, асоциалтә политикеи агәабзиарахьчреи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Рашида Аиба,  адепутатцәа Нарсоу Салаҟаиеи  Баҭал Џьопуеи.

Мактина Џьынџьолиа  иааиуа ашықәс азы напхгара зылҭо Аусбарҭа аусура хадара злоу ахырхарҭақәеи азԥхьагәаҭарақәеи дрылацәажәеит, иара убас ахәыҷқәа рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи рыхьчара аусхкы аҿы иаарԥшу апроблемақәеи урҭ рыӡбаразы иалкаау амҩақәеи дырзааҭгылеит.

Уи иара убас иҿыцу ааԥхьара адепутатцәа Аппарат аусуразы адыррақәа рылҭеит, иарбоу аамҭазы Аппарат азакәан апроектқәа реиқәыршәара аганахьала инанагӡо аусурагьы дазааҭгылеит.  

Адепутатцәа Мактина Џьынџьалԥҳа иқәлыргылаз азҵаарақәа зегьы ишахәҭоу ала ахәаԥшреи анаҩс ахәыҷқәа рзакәантә интерессқәеи рзинқәеи рыхьчара иазку хадара злоу азакәанқәа рыдкылареи рганахьала ацхыраара шыҟаҵахо азгәарҭеит.

 

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 15:41