Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ЛАҴАРАМЗА 14 РЗЫ АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ФИЛАРМОНИА АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҾАРТӘ ВИДЕОФЕСТИВАЛЬ «МОЯ РОДИНКА» АФИНАЛ.

Аԥшьаша, 12 Лаҵара 2022 14:33 166

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 14 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху  Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи аҿартә видеофестиваль «Моя Родинка» афинал. Ари афестиваль алахәхаразы 16 – 25 шықәса зхыҵуа аҿар лаҵарамза 10 аҟынӡа аӡбаҩцәа рархәаԥшразы иҭыхны инарышьҭыр акәын Рыԥсадгьыл иазку хә-минуҭк ирҭагӡоу афильм.

Афестиваль аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москватәи Аҳәынҭқарратә акультура Аинститути,  акультура, аспорт, аԥшӡара азы Амилаҭтә Ассоциациеи реиҿкаарала имҩаԥысуеит. Убри аан уи адгалара рырҭоит Аҟәа ақалақь Ахадара, Аԥсны акультура Аминистрра, иара убас Аԥсны  Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи акультура-усуратә Центр.

Афестиваль аҿы аиааира згаз Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аҿы иалихуа афакультет аҿы хәыда-ԥсада аҵара азы алшара иоуеит.

Афестиваль аспонсорс иҟоуп Аилазаара «Аԥсны-Оил».  

 

Last modified on Амҽыша, 22 Лаҵара 2022 15:09