Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БЖЬАНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХАДА В. В. ПУТИН АИААИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 09 Лаҵара 2022 09:27 398

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В. В. Путин Аиааира амш идиныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡала, хаҭала  сара сыхьӡала ҳаҭырла ҳшышәзыҟоу азгәаҭо, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи иага аамҭа царгьы, ҳара ҳажәларқәа ҳаҭырла иргәаладыршәоит Аԥсадгьыл ахьчареи ахьыԥшымреи иазықәԥоз, анацизм иаиааиз еицакра зқәым ҳаибашьцәа  рфырхаҵара.

Агәра згоит, Аиааира ҳзаазгаз ҳьӡи-ԥшеи згым абиԥара ргәалашәара аԥхьаҟагьы   ҳажәларқәа реиҩызареи ргәылеимабзиареи рзы ишьақәгылаз атрадициақәа реихаҳара ишацхраало.

Иԥшьоу Аиааира Ду амш аҽны акыр иаԥсоу аветеранцәа ирзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ашықәс рацәа.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш азы имариам шәус аҟны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ауаажәларра - аҭынчреи, аизҳазыӷьареи».

 

Last modified on Ашәахьа, 09 Лаҵара 2022 14:48