Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА АГАЗЕҬ «РЕСПУБЛИКА АБХАЗИЯ» АРЕДАКТОР ХАДА ИНАПЫНҴАҚӘА НАЗЫГӠО АРТАВАЗД САРЕЦИАН ИУБИЛЕИ ИНАМАДАНЫ ИДНЫҲӘАЛОИТ.

Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 22:01 464

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла арҿиаратә еидгылара алахәыла, агазеҭ «Республика Абхазия» аредактор хада инапынҵақәа назыгӡо Артавазд Аик-иԥа Сарециан 65 - шықәса ихыҵра инамаданы идныҳәалоит.

Артавазд Сарециан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет далгеит, анаҩс аус иуан аҵарадырра аусхк аҟны, аха иара ажурналистикеи алитературеи рганахьала аҟыбаҩ бзиа шилаз умбар залшомызт. 1991 шықәсазы иара иаԥиҵеит ҩ-бызшәкны иҟоу (аурыс бызшәеи аерман бызшәеи)  алитературатә газеҭ «Амшен». Уи ирҿиамҭақәа, аԥсуа поезиа аҟынтәи аиҭагамҭақәа уахь иналаҵаны, Аԥсны, Ермантәыла, Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Ливан, уҳәа апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҿы икьыԥхьхоит.  Артавазд Сарециан имаҷымкәа апублицистикатәии апоезиатәи ашәҟәқәа дравторуп.

Аерман жәлари аԥсуа жәлари реизааигәатәра аус аҿы хаҭалатәи илагала азы Артавазд Аик-иԥа Сарециан «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден ианашьоуп, иара убас Ермантәыла Ареспублика амедалқәа «Уилиам Сароиан», «Ахатәы бызшәа ацҳаражәҳәаҩ».

2014 шықәса инаркны Артавазд Аик-иԥа Сарециан  агазеҭ «Республика Абхазия» аҟны аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩыс аус иуан, ажьырныҳәамза 2022 шықәса рзы иара ари агазеҭ аредактор хада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟарҵеит. Артавазд Сарециан апериодикатә кьыԥхь аҟны ипубликациақәа иарбан темазаалакгьы ишьҭихуа аинтересс зҵоу астиль, абызшәа ԥшӡа, уи иаҵоу аԥхарра ала иалкаахоит.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалоу ажурналистцәа зегьы Артавазд Аик-иԥа аринахысгьы арҿиаратә ҟәҿиарақәа, агәабзиара, ашықәс рацәа изеиӷьаршьоит.

АԤСНЫПРЕСС  ахьӡалагьы адныҳәалара ҟаҵо ҳколлега агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, аманшәалара, аизҳазыӷьара, арҿиаратә ҟәҿиарақәа гәык-ԥсыкала изеиӷьаҳшьоит! 

 

Last modified on Ашәахьа, 02 Лаҵара 2022 17:54