Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСУА РАДИО АУСЗУҨЦӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬЫӠҚӘА РАНАШЬАХЕИТ.

Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 21:29 437

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсуа радио 90 - шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа радиоефир аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы аҵаиҩит.

Убас ажурналистика аусхкы аҿы рылшамҭеи амилаҭтә радиодырраҭара аҿиара аҿы рлагалеи рзы «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит:

Адлеиба Кама Оҭар-иԥҳа;

Ҭраԥшь Оксана Витали-иԥҳа;

Ҳагба Мадина Енварбеи-иԥҳа;

Шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи аԥсуа радио аҿиара аҿы рлагалеи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит:

Анқәаб Руфина Едуард-иԥҳа;

Аҳәба Мурман Сергеи-иԥа;

Бычкова Елена Иури-иԥа;

Ломиа Реваз Иазбеи-иԥа.

Аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы иҭыжьыз Аусԥҟақәа Аԥсуа радио аиубилеи иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә хәылԥазы аҿы дрыԥхьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада акультура азы иабжьгаҩ Ныгәзар Логәуа. Уи иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларагьы даԥхьеит. Он также зачитал поздравительный адрес главы государства.  

Last modified on Ашәахьа, 02 Лаҵара 2022 17:09