Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА МОСКВА ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРАҚӘА ХЫРКӘШОУП.

Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 12:19 276

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәарақәа хыркәшоуп.

Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны аҳәынҭқарра Ахада диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Антон Ваино.

Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козак. Ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызкыз азҵаарақәа жәпакы.

Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигеит иара убас аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи жәпакы, ҷыдала, Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви иареи.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә еиԥыларақәа мҩаԥысуан мшаԥымза 26 инаркны 29-нӡа.

 

Last modified on Ашәахьа, 02 Лаҵара 2022 16:49