Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ТАМШЬ АҚЫҬАН ИҞАЛАЗ АҚӘЫЛАРЕИ АУАҨШЬРЕИ РЗЫ АШЬАУӶАТӘ УСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 17:31 421

Аҟәа. Мшаԥымза  29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 29, 2022 шықәса рзы Очамчыра араион Апрокуратура Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иҟалаз ақәылареи ауаҩшьреи рзы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Аусеилыргара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа  1, иара убас ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2, апунктқәа «ж» , «з», иара убас ахәҭаҷ    159, ахәҭа 3 инарықәыршәаны ацәгьоурақәа рҟазшьақәа рыла ихацыркуп.

Заанаҵтәи аусеилыргара ишышьақәнаргылаз  ала, мшаԥымза  28, 2022 шықәса,  23 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан, 1974 шықәса рзы ииз Шаматаа Вальтер Гәыгәын-иԥа, ҩыџьа-хҩык ацәгьоуцәа ицны, уажәазы ишьақәыргылам ахкы змоу автоматтә бџьарла еиқәных, акриптовалиута арҳара азы аппаратқәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны, Раҵәба Ҭенгиз Иури-иԥа иҩны иақәлеит. Аҩны аԥшәма иҟынтәи аҿагылара анроу, ақәылаҩцәа уи иԥҟара иалагеит.   Анаҩс иҟалаз аиҿахысраҿы изгашаз ахы рықәшәеит ақәылаҩцәа иреиуаз Шаматааи аҩны аԥшәма Раҵәба  Ҭенгиз иашьа гәакьа – Раҵәба Ҭамази Иура-иԥа.

Иарбоу ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа зегьы реилкаареи раанкылареи азы зыԥшра амуа аусеилыргара-оперативтә уснагӡатәқәа зегьы мҩаԥысуеит.

Last modified on Ашәахьа, 02 Лаҵара 2022 16:46