Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҴАРЕИ АБЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКЕИ РМИНИСТРРЕИ БЕЛГОРОДТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АТЕХНОЛОГИАТӘ УНИВЕРСИТЕТИ АБИТУРИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА ИШАЛАГО АЗЫ АЛАҲӘАРА ҞАРҴЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 17:46 85

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи В.Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә атехнологиатә университети абитуриентцәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟарҵеит.  

Ари аҵараиурҭа иҭалар зҭаху зегьы Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра аҿы инеины анкетақәа хадырҭәаар ахәҭоуп. Иарбоу аҵараиурҭа аҿы аҵара абиуџьеттә шьаҭала имҩаԥысуеит.

Ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа:

  1. 4 фотосахьак 3х4 (аԥшшәы змоу).
  2. Аиразы аршаҳаҭга ахкьыԥхь.
  3. Абитуриент иан, мамзаргьы иаб риразы аршаҳаҭга ахкьыԥхьи аҵарадырра азы аусшәҟәы аоригинал (ахаҭа).
  4. Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩшәҟәи рыхкьыԥхь.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура алшоит В.Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә Университет аофициалтә саит аҿы: https://www.bstu.ru/

В.Г. Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә атехнологиатә Университет аҿы абиуџьеттә ҭыԥқәа рҿы аҵаразы аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара ҟалоит: https://forms.gle/yRvuy6cPefspKzr3A.

 

 

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 19:24