Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА АУААԤСЫРА РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ АМИЛАҬТӘ САХЬАТӘ ГАЛЕРЕИА ИАХЬАҴАНАКУА АИЛЫРГАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘ РХЫ АЛАДЫРХӘЫРЦ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 21:21 221

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 30 рзы акультура Аминистрра Аҟәа ақалақь Пушкин имҩаду аҩ.№ 8 ала иҟоу Амилаҭтә асахьатә галереиа ахыбраҿы аилыргаратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагоит.

Акультура Аминистрра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит архитектуратә баҟа иахьаҵанакуа аилыргара иазкны имҩаԥгахо аусмҩаԥгатә рхы аладырхәырц.

«Ари акциа  –  агалереиа ахыбра аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ралагара апроцесс арццакра азы акыр зҵазкуа етапны иҟоуп. Агәыӷра ҳамоуп, ари аԥшьгара арҿиаратә коллективқәа, акультура аусзуҩцәа, иара ауааԥсыра рганхьала адгылара аиуп ҳәа.

Аусмҩаԥгатә ахь аизара аамҭа 9:30 рзы! Излауа ала атерриториа арыцқьара азы иахәҭоу аинвентарь рыцзар бзиоуп», - ҳәа аҳәара ҟанаҵоит акультура Аминистрра.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 19:01