Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ СУЛҬАН СОСНАЛИЕВ ҲАҬЫРЛА ДЫРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 21:39 220

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху арратә ахьӡ-аԥша амузеи аҿы Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша I аҩаӡара аорден занашьоу, аинрал-леитенент Сулҭан Сосналиев  80- шықәса ихыҵра иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.  Уи аԥхьа Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, Аҳәынҭқарра ахадара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, атәыла ауааԥсыра Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу Сулҭан Сосналиев ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Сулҭан Сосналиев игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа, иара убас аинрал гәымшәа изку ашәа раԥхьаӡа анагӡара зцу аконцертә программа.

 

 

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 13:55