Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИНАЛ АРӠЫНБА ИШИАШОУ ИЦО АЕФИР «СОЛОВЬЕВ LIVE» АҾЫ ВЛАДИМИР СОЛОВИОВ АИНТЕРВИУ ИИҬЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 10:39 77

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Мшаԥымза 27 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ишиашо ицо аефир «Соловьев Live» ала Владимир Соловиов аинтервиу ииҭеит.  

Аиҿцәажәара аан Инал Арӡынба аԥсуа-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит, Украина, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика рҿы иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы, иара убас арегионалтә шәарҭадара азы ихатәы гәаанагара иҳәеит.

Ишиашо ицо аефир аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иара убас Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра апроцедура армариара, Қырҭтәыла Анапхгара  иахьа инанагӡо аинформциатә еибашьра, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа русура, иара убас Шьамтәыла,  Венесуела, Никарагәуа реиԥш иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи азхазҵаз атәылақәеи Аԥсни ирыбжьоу аимадареи аизыҟазаашьақәеи рыҿиара, уҳәа  иазку азҵаарақәагы дырзааҭгылеит. Последнее изменение Четверг, 28 апреля 2022 10:46.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 13:39