Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПРОГРАММА «АНХАРҬА–2022» АНАГӠАРА АЗЫ АҬАКԤХЫҚӘРА ЗДУ АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 19:23 140

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша, мшаԥымза 28 рзы имҩаԥысыз атәыла анапхгара аилатәара аҿы асоциалтә еиқәыршәареи адемографиеи рминистр Руслан Аџьба аҳәынҭқарратә ахықәкытә программа «Анхарҭа –2022» аҳәаақәа ирҭагӡаны апрограмматә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы аҳасабырба ҟаиҵеит. 

Иарбоу апрограмма анагӡара алацәажәара иацҵо атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аминистрцәа Реилазаара аилатәара ашьҭахь аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Сергеи Пустовалов, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиеи рминистр Руслан Аџьбеи аҳәынҭқарратә программа «Анхарҭа–2022» анагӡара азы анапхгарабжьаратәи анагӡара-аихшаратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ   Ромео Черқьезиеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилатәара иалахәыз апрограмма анагӡараан ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара, атәылауаа рҟынтәи иааиуа азашшрақәа аҭыԥ рықәҵара, иалагалахо арзаҳалқәа рыхәаԥшраан аԥыжәаратә  критериақәа ралкаареи рышьақәыргылареи ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит.

Алеқсандр Анқәаб азыҳәамҭақәа зегьы рыхәаԥшраан еиԥш анорма-зинтә шәҟынҵақәа реиқәыршәараан агхақәа раарԥшреи раан аспектқәа зегьы нҭырҳәцаны рыҭҵаара азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

 

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 13:21