Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛХЫРҬАТӘ ҬЫԤХАДА №8 АЛА ИҚӘГЫЛАРАНЫ ИҞОУП ХӘҨЫК АКАНДИДАТЦӘА.

Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 12:07 132

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 26 рзы Алхратә Комиссиа Хада аҿы Адлеиба Џьансыхә Иван-иԥа алхырҭатә ҭыԥхада №8 (Алашарбагатә) ала Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп.

Уаанӡа ашәҟәы иҭагалан алхырҭатә ҭыԥхада №8 (Алашарбагатә) ала  Гәыбаз Леон Реваз-иԥа, Чачхалиа Иракли Заур-иԥа, Кәакәасқьыр Ҭемыр Омар-иԥа, Нарманиа Наур Геннади-иԥа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Алхратә ҭыԥхада №8 (Алашарбагатә) ала аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 28 рзы.

Алхратә ҭыԥхада №8  ала хәажәкырамза 12 рзы иқәгылан  7 – ҩык адепутатрахь акандидатцәа. Абжьыҭира аҩбатәи атур ахь инеит ҩыџьа акандидатцәа  - Леон Гәыбази Наур Нарманиеи. Хәажәкырамза 26 рзы аҩынтәраан абжьыҭираҿы иарбоу аокруг ала иқәгылаз ҩыџьа акандидатцәа еиҟараны абжьқәа роуит–989, убри аҟнытә алхақәа зымҩаԥымсӡеит ҳәа иԥхьаӡахеит.

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 17:28