Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТТӘ КОМИТЕТҚӘА РХАНТӘАҨЦӘА АЛХУП.

Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 13:28 135

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы адепутатцәа 9 комитетк рхантәаҩцәа алырхит. Убас:

Дауҭ Хәытаба аҳәынҭқарра-зинтә политика азы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Беслан Ҳалуашь – абиуџьеҭи акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Резо Занҭариа – аекономикатә политикеи ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Ҭемыр Шергелиа – атәылахьчареи амилаҭтә шәаҭадареи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Рашида Аиба – асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Инар Саӡба – аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи, адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Венори Бебиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Алхас Барцыц – жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии аимадареи аџьынџьуаа рымадареи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Ҭемыр Беииа – аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы акомитет ахантәаҩыс далхуп.

Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба акомитетқәа рхантәаҩцәа ԥхьаҟатәи русураҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит, уи дара иахьарнахыс иназыцҵоу аҭакԥхықәра рыдҵахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Апарламент уаанӡатәи ааԥхьара рзинмчы анҵәамҭазы Апарламент арегламент аиҭакрақәак аларгалеит. Урҭ адепутатцәа авидеоформат ала ауаажәлара рҿаԥхьа есышықәса аҳасабырбара, иара убас акомитетқәа рнапхгаҩцәа  Апарламент аҿаԥхьа инарыгӡаз аусура азы аҳасабырба аҟаҵара, анаҩс  Жәлар Реизара Апарламент аилатәара аҿы есышықәсатәи аҳасабырбара аҟаҵара азы аҭакԥхықәра рыдҵара азԥхьагәанаҭоит. Сара сгәаанагарала уи Апарламент аусура аиҿкаара азы хра злоу цхыраагӡаны иҟалоит», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Апарламенттә комитетқәа рхантәаҩцәа ироуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа рҳәеит, иара убас аҭакԥхықәра аарԥшны аусура ишазхьоу азгәарҭеит.

Аилатәара ахыркәшамҭаз Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии арратәи аусзуҩ, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев диижьҭеит 80-шықәса аҵра иазкны Ҟабарда-Балкариа имҩаԥгахо агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара атәы далацәажәеит.  

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7625-izbrany-predsedateli-parlamentskikh-komitetov

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 17:10