Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ТЕЛЕРАДИОЕИЛАХӘЫРА АҾЫ АԤСУА РАДИО АИУБИЛЕИ АЗГӘАҬАРА РҼАЗЫҞАРҴОИТ.

Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 21:43 146

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра анапхгара алархәны Аԥсуа радио аԥҵара  90- шықәса ахыҵра иазкны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иазку азҵаарақәа дрылацәажәеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Хада Ирина Агрба аԥыза-министр арадио аиубилеи азгәаҭара иазкны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рзы адырра илҭеит.  Урҭ иреиуоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ҷыдала еиҿкаахо амилаҭтә радиодырраҭара аҿиара аҭоурых аазырԥшуа афотоцәыргақәҵа. Иара убас  мшаԥымза 29 рзы Аԥсны аҳәынҭқаратә филармониа аҿы  аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит.

Аиҿкааратә зҵаарақәеи иааизакны арадиодырраҭара аҿиара аперспективақәеи рылацәажәара рхы аладырхәит ателерадиоеилахәыра адиректор Хада лхаҭыԥуаҩ Анна Гәыниеи Аԥсны арадио адиректор Адгәыр Гәынбеи.

 

 

Last modified on Ахәаша, 29 Мшаҧы 2022 16:13