Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ИХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ ИМҨАԤИГАЗ АИЛАТӘАРА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ АТӘЫЛА АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АҾЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АҬАГЫЛАЗААШЬА ДАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 19:23 157

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгареи ауалқәа ршәареи рганахьала аусмҩаԥгатәқәа рцашьа иазкны аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс -маҵзура. Иалацәажәеит иара убас иҳаҩсыз ашықәс азы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны азарал зауз ауаа аматериалтә цхыраара рыҭара иазку анапхгаратә комиссиа аусурагьы.

Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, атуризм аминистр Ҭеимураз Хьышба, атәыла Анапхгара Аппарат аиҳабы Давид Сангәылиа.

Иазгәаҭан аҵыхәтәантәи аамҭазы афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара акыр ишеиҵахаз, уи инамаданы еишьҭанеиуа афымцамч арцәарақәагьы шаԥыху.  Убри аан акурорттә усхкы иаҵанакуа аобиектқәа рыла ахархәара зауз афымцамч ахәԥса ашәара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп.  Атуризм Аминистрра аамҭа кьаҿ иалагӡаны иарбоу апроблема аӡбареи аринахысгьы ауал аизгара алмыршареи рзы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы азԥхьанҵа аҭоуп. Аилатәара иалахәыз иара убас Аԥсны абиуџьетә усхкқәа рҿы аус зуа хазы игоу аусзуҩцәа руалафахәы аицыфинанстәра азы аҩганктәи аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла Афедералтә аказначеира имҩаԥнагаз агәаҭара алҵшәақәа ирыдҳәаланы иҟаҵаз анапынҵақәа рынагӡара иалацәажәеит. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа рахь ихы рханы иаарԥшыз аилагарақәа, аиҳарак агәабзиарахьчара асистема аҟны амаҵурақәа реилагӡара аганахьала иаарԥшыз агхақәа хара имгакәа рырҽеира алыршара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭарц инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Атәыла Анапхгара Аппарат ахь иҳаҩсыз ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьаны азарал зауз ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара азы имҩаԥысуа аусуратә процесс аҳәынҭқарратә комиссиа аганахьала ахылаԥшра арӷәӷәара азы адҵа ҟаҵан.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7626-aleksandr-ankvab-obsudil-s-vitse-premerami-situatsiyu-v-energeticheskoj-otrasli-strany.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 11:48