Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АТӘЫЛА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ГАГРА АРАИОН АҾЫ АУААԤСЫРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА РАЦӘЫХЬЧАРА ИАЗКУ АУСНАГӠАТӘҚӘА ШЫМҨАԤЫСУА АЗЫ АГӘАҬАРА МҨАԤНАГЕИТ

Аҩаша, 03 Нанҳәа 2021 13:00 425

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә крыфара аобиектқәа, цырала аҭира азы адәқьанқәа, иара убас асасааирҭақәеи аотелқәеи аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аганахьала ргәаҭара мҩаԥнагоит, ҳәа иаанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа ауааԥсыра массала изҭауа аҭыԥқәа:  ауаажәларратә транспортқәа, ауаажәларратә крыфарҭақәа, ахәаахәҭратә обиектқәа, анаплакқәа, уҳәа рҿы аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара шымҩаԥысуа азы мҽхакы ҭбаала агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Агәаҭарақәа мҩаԥыргоит иара убас аԥсшьараҩнқәеи асасааирҭақәеи рҿы. Агәаҭарақәа мҩаԥызго рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас аҭыԥантәи ахадарақәа рхаҭарнакцәеи араионтә санитартә епидемиологиатә Станциа аусзуҩцәеи. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада «Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы ауснагӡатәқәа рзы» иҭижьыз Ақәҵара анагӡара шымҩаԥысуа гәарҭоит. 

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҟаиҵаз адаҵа ала, иҳаҩсыз амшқәа рзы хықәкылатәи агәҽанызаара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа Гагра араион акурортқәа иахьрыҵанакуа имҩаԥган. Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аузуҩцәа ирҭааны игәарҭахьеит 50 инареиҳаны асасааирҭақәеи апансионатқәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Самшитоваиа рошьа», «Литфонд», «Акурорт Пицунда апансионатқәа Реидгыла», уҳәа убас егьырҭгьы.  «Иааизакны уахәаԥшуазар, ауаа реиҳараҩык азакәан еиларгаӡом. Аилагарақәа ыҟоуп, аха азинхьчара аусзуҩцәа агәаҭарақәеи аилыркааратә усуреи мҩаԥыргоит.  Ахәаахәҭратә обиектқәеи асасааирҭақәеи рыԥшәмацәа амилициа аусзуҩцәа рнапы иадыркуеит акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара ашәарҭараан аусура амҩаԥгараан иахәҭоу асанитартә абжьгарақәа рсиа. Иара убас Гагра араион ауааԥсыреи асасцәеи асоциалтә дистанциа анагӡара ахымԥадатәреи хазхаҭалатәи ахыхьчаратә хархәагақәеи рхархәареи азы ргәырҽанырҵоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

 

 

Last modified on Ахаша, 04 Нанҳәа 2021 13:10