Поиск по слову

Категории

Календарь

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

Алина Жьиҧҳа: ҳбызшәа аиқәырхара – зегь иреиҳау ҧышәароуп

Ашәахьа, 11 Ажьырныҳәа 2016 14:18 7968

Апроект “Ашьаҭа” иалагӡаны аҵарауааи арҵаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи аҧсуа бызшәа азы ргәаанагарақәа шәыдгалахоит.

Аҧсныпресс. Апроект “АШЬАҬА”. Алина Жьиҧҳа, абызшәаҭҵааҩы 

Иахьазы ҳтәылаҿы аҧсуа бызшәа ҧықәсларада иҿиартә еиҧш иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ыҟам. Аҧсуаа 80% инареиҳаны рхатәы бызшәа шырдыруагьы, агәҽанызаара узҭаша тенденциоуп ақалақьқәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа уи ҧсыҽны, мамзаргьы зынӡа иахьырзымдыруа. Ари даара ишәарҭоуп, избанзар ас еиҧш иҟоу ахәыҷқәа рнаҩс иааиуа абиҧара зынӡа рхатәы бызшәа рмаҳауа аҟынӡа инеиуеит. Ус анакәха, абызшәа азҵаара аӡбара ахәыҷӡақәа рыла иалагатәуп. Аха иара убри аамҭазы еилкааны иҳамазароуп абызшәатә проблема – комплексла, ганрацәала изызнеитәу ак акәны ишыҟоу.

Ҳхы ҳазҵаап

Иабамҩаҧысуеи иахьа абызшәа ҧсабарала аҿиара? Аҭак мариоуп – уи иааиҧмырҟьаӡакәа ахархәара ахьамоу ауаа рыбжьара. Ус иҟоу ауаатәыҩсатә гәыҧқәа иахьазы – ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәа мацара ракәхеит, нас атеатр. Избан? Избан акәзар иарбанзаалак аҳәынҭқарратә усбарҭақәа роума, аҵараиурҭақәа роума, абизнес-наплакқәа роума, ус баша ахәаахәҭратә усхк аҿы аума – џьарамзарак аҧсуа бызшәа инеиҧынкыланы иахьа аус аларуӡом! Абри ауп ҳзызхәыцша.

Аҧсшәахь аиҭагара – абызшәа арҿиаӡом, уимоу иара аиқәырхарагьы залнаршом. Сара исҳәар сылшоит, аусшәҟәымҩаҧгара аурысшәа аҟнытә аҧсшәахь еиҭаҳго мацара ҳҿынаҳхар, ҳбызшәа ааха ӷәӷәа аҳтоит ҳәа. Убрахь иаҵанакуеит ажәабжьқәа реиҭагарагьы. Иарбанзаалак аинформациа аҧсышәала ииуазароуп, аҧсышәала ихәыцуа иҟынтә. Акәымзар иахьа иҳаҳауа абызшәа синтаксисла иоурысшәоуп. Аҳәоу артәашьа урысшәала иеиҿкаауп, аҧсуа ажәақәа рыла ишеибыҭоугьы. Абас мацара еибарку ажәаҳәа, грамматикала егьа ииашазаргьы, ихәанчамхар залшом. Иахьа макьана ус иҟоу абызшәеи абызшәа цқьеи еиҩаҳдраауеит, аха ишҧаҟало жәа-шықәса рышьҭахь, ҩажәа шықәса рышьҭахь? Уи иашьцылогьы дҟалашт, аҭагылазаашьа ИАХЬА иҳамҧсахыр.

Иҟаҵатәузеи?

Абызшәа аҳәынҭкарра амахәҭақәа зегьы рҿы аус ауа иҟаҵатәуп, акультура асфераҿы мацара акәымкәа. Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан аус ауа иҟаҵатәуп, уи анамыгӡаразы ахьырхәра узахымҧо иҟазароуп. Ус иҟазар акәын аханатәгьы, аха иҟаҳамҵеит. Избанзар ҳара иахьа уажәраанӡа ҳус аасҭа ҳажәа аиааиуеит. Ажәала ипатриотцәоу репоха ҳҭагылоуп.

XIX ашәышықәсазы ҳажәлар зықәшәаз арыцҳара ду – ахҵәара аамышьҭахь, абызшәа иахьа иамоу апроблемақәа раӷьырак зыхҟьаз, XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ақыҭа аҟынтә ақалақь ахь ҳаниас, ақалақьтә ҧсҭазаара аикәшара ҳбызшәа иаднаҵаз аидара ахьазышьҭымхыз ауп. Аха ақыҭа мацарагьы абызшәа аиқәырхара адаҳҵар ҟалаӡом. Избанзар уахьгьы инеихьеит абызшәеилаҧсара апроцесс.

Инароуны аҧсышәала темак ахыи аҵыхәеи нҭырҳәцааны иалацәажәаратә иҟоу аспециалистцәа иахьа иҳацәмаҷуп. Аха дара ирхароузеи, ҳарҵаратә процесс хадаратәла урысшәала акәзар ишымҩаҧысуа? Насгьы атерминологиа арҿиараҿы иҟаҳҵахьоу ашьаҿақәа азымхозар? Ҳагханы акәзаргьы иааҳартыроуп аҧсуа школқәа (ҧсышәала амаҭәарқәа зегьы иахьырхысуа), аҧсшәа ззымдыруа ахәыҷқәа иҷыдоу ахәыҷбаҳчақәа рахь ишьҭлатәуп, абызшәа ахьыддырҵалаша. Издыруа – хазы еидкылалатәуп.

Ус ҟаҳамҵар, ҳхәыҷқәа иара усгьы телехәаҧшрала, амультфильмқәеи егьырҭ арлахҿыхратә дырраҭарақәеи рыбзоурала аурыс бызшәа анырра ӷәӷәа заухьоу, зынӡа иарахьы ииасыр алшоит. Иара аҧсшәа аасҭа ашьҭкаара акыр имариоуп азы, иаҳа ирласны ахәыҷқәа ирҳәо иалагоит. Убри аҟнытә ахәыҷы ихатәы бызшәа ашьаҭа ӷәӷәахаанӡа, аҧсшәа иҿахәҳәаганы иҟалаанӡа даҽа еидарак иаҵаҵара бзиам, иаҧсшәа иаҧырхагахар ҟалоит. Ахәыҷқәа ҩба-хҧа бызшәа еиҟараны еицышьҭыркаауеит ҳәа аҵарауаа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу агәаанагара аҧсшәеи аурысшәеи реиҧш зынӡа еиҧшым абызшәақәа рҿы шамахазар аус ауӡом. Убри иазкны аҭҵаарақәагьы мҩаҧгалатәуп, аха аӡәыр даҿума иахьа уи?

Абызшәа иахахьуа ҳдырыр ауп ахәышәтәрагьы анҳақәҿио. Ари ҳажәлар еидызкылаша ус ҧшьаны иҟалароуп. Ҳбызшәа аиқәырхара – ҳахдырра аизҳара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ҳбызшәа аиқәырхара – зегь иреиҳау ҧышәароуп, уи ҳзахысыр, ҳмилаҭгьы ҳаҧсуарагьы наунагӡа еиқәхоит.

Last modified on Ахаша, 19 Нанҳәа 2020 14:21