Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Асцена – уи даҽа планетак ауп, зынӡа аҽа дунеиуп – М. Гьерзмааҧҳа

Аԥшьаша, 14 Жәабран 2013 14:12 2922

Лара лыкәашара – ҳамҭоуп! 

Маиа Гьерзмааҧҳа: «Асцена – уи даҽа планетак ауп, зынӡа аҽа дунеиуп. Убри азакәхап изырҳәо ауаҩы асценаҿы данықәгылоу дажәӡом ҳәа, избанзар уа иихиго аамҭа иқәрахь иацлаӡом, уа даҽа ҧхьаӡарак цоит». Иҭынчраз акаҳуажәырҭаҿы сгәы хыҭ-хыҭуа сазыҧшын лара лааира. Ганкахьала саргәырӷьон ауаа ахьырацәамыз, амузыка абыжьгьы ахьмаҷыз, избанзар урҭқәа ҳаицәажәара дырманшәалон, аха егьи аганахьала – сгәы абжьы саҳауа аҟынӡа снеит, уи са саҧхьа иҭыҧрааны дабар аҭахызшәа…

Иахьа сзыҿцәажәаран сыҟоу Маиа Гьерзмааҧҳа лоуп – Аҧсны жәлар рартиска, Адыгеиа зҽаҧсазтәыз артистка, 37 шықәса ааҧсарада асценаҟны ауаа рыгәқәа зырлашоз, Аҧсны жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль асолистка. Саҧхьа иқәу алитературатә газеҭ «Еҵәаџьаа» сеиҭанахәаҧшуеит – уаҟа иануп Маиа илызку инеиҵыху аматериал, аха сара афотоқәа роуп сызхара исзымбо, урҭ аҧсуа ҭыҧҳа ссир ҳәа ззырҳәаҵәҟьо лхаҿсахьа рнуп. Абар дааҩналеит ларгьы, Саҭанеи Гәашьа лхаҭа – дкахәхәа, дыҧшӡаӡа. Сара иаразнак сцәа ианырит исзааигәоу ауаҩы дшааскьоз, сгәаҭеирақәагьы ыҟаӡамызшәа иниакәкәа ицеит. Насоуп ианеилыскаа лара зегьы дшырзааигәаз, ус ҟазшьас ишлымаз. Ииашан ирҳәаҵәҟоит ауаҩы шаҟа дҳараку аҟара имарианы зегьы дырзыҟоуп ҳәа. Акызаҵәык гәалас исымаз – ҳаицәажәара наскьацыҧхьаӡа еиҳа-еиҳа иазҳауан иара – асценаҿы лыкәашара знык иадымхаргьы сыблала абара сахахьымӡаз ауп. Ихьааугашагьы маҷым, аиашаз… Маиа Гьерзмааҧҳа диит, илызҳаит аҟазара амаҵ азызуаз, акыр уи иазааҧсаз Гьерзмаа Џьгәаҭ иҭаацәараҿы, Дәрыҧшь ақыҭан. Ҩынҩажәа шықәса раахыс абыргцәа рансамбль аҟны ашәа зҳәоз Џьгәаҭ Гьерзмаа ихәыҷқәагьы аҟазара рылаиааӡон, аус рыдиулон. Есыуаха аҩны аҭаацәа анеизалак шәаҳәаралеи кәашаралеи илахҿыхны имҩасуан. Дшыхәыҷызнатә Маиа, лашьцәеи лаҳәшьцәеи реиҧш, ашәаҳәареи акәашареи ргьама лкит, ҩнуҵҟала бзиа илбеит. Убас еиҧш иҟаз хәылҧызык азы акәхап дкәашаҩхарц азы агәаҳәара лгәаҿы ианииз. Аха абас ақәҿиара дуқәа шылгоз, аҧсуа жәлар рыкәашаратә культура адунеи ишахлырҵәоз атәы усҟан лхаҿы илзаамгар ҟаларын. Уи азы аус рацәаны иутәхеит, аха Маиа аказы даангыломызт, шьҭахьҟа дхьаҵуамызт: аҵареи акәашареи еилалыгӡон. 15 шықәса дшырҭагылаз раҧхьаӡа акәны ансамбль ахь лшьаҿа еихылгеит. Ҳәарада, имариамызт усҟан аҧсуа ҭыҧҳа қәыҧш лзы аколлектив ду аҟны лхы аарҧшра, акыс, иалаз зегьы атәым милаҭ ракәын (иарбан милаҭу еилкаауп усгьы), лара Маиеи нас Сусанна Џьниаҧҳаи рыда. (Маиа уи аамҭа лгәаларшәо даара ажәа ҧхақәа лзылкуеит лҩыза Сусанна). Аха аҭыҧҳа лбаҩхатәра мааҦшыр замуит. Хара имгакәа Маиа дгәарҭеит, дзакәыз рбеит. «Исцәыуадаҩын усҟан аҽаартра. Арахь ансамбль иалақәаз рҟынтә слымҳа иҭасуан: «Баша шәҽышәмырааҧсан, ари дызкәашаҩхом!» Уи заҳауаз сара сылаӷырӡқәа сзынкыломызт, аҵәыуара салагон. Убас зны сылахь еиқәны сышгылаз дааины сааигәыдиҳәхәалеит Харитон Ахба, усгьы сеиҳәеит: «Бара зегь былшоит, издыруеит ишбылшо, бкәашалароуп, Маиа, уи бара ибуалуп!» – ҳәа.

Арҭ ажәақәа ахаангьы исхашҭуам, уи ашьҭахь ишсылшо агәра зго салагеит, аха реиҳа ихадароу ҳәа сгәы иаанаго – усҟан еилыскааит, акәашара схаҭа даара ишысҭахыз, сара ишыстәыз». Маиа Гьерзмааҧҳа ансамбль аҟны иналыгӡахьоу акәашарақәа рхыҧхьаӡара рацәоуп, реиҳа лгәалашәараҿы инхаз иреиуоуп: «Аиҧылара», «Аҧсуа чара», «Аураашьа», «Ауапакәашара», «Шьараҭын», «Аибаркыра», иара убас «Нарҭаа» – араҟа уи иналыгӡон Саҭанеи Гәашьа лроль. Иазгәаҭатәуп Маиа лассы-лассы лхаҭа лысценатә костиум аус шадылулоз, иаҳҳәап, Саҭанеи Гәашьа илхалҵоз зеиҧшраз ҳәа уаҩы имҳәаӡацызт, имҩыцызт. Лара даалаганы, илнаалап ҳәа лгәы иззанагоз ахаҵатәы лӡахит, иҟалап, убас ҟазарала дахьазнеиз азакәзар Саҭанеи Гәашьа лыкәашара зегь реиҳа илзааигәоу акәны изылыҧхьаӡо. Уи дызцыкәашоз аҧсуа кәашаҩцәа дуқәа Фазылбеи Ҟәыруа, Кандид Ҭарба, Арвелод Ҭарба, Руфеҭ Дасаниа, Акаки Малиа уҳәа рҟынтә аӡәырҩы иазгәарҭахьеит Маиа ГьерзмааҦҳа акәашараҿ илыцназго дшыҟам. «Аҟазара амцҳәара алаӡом, ахәаҧшҩы дузжьаӡом, уи сара сагьашьҭамызт, – лҳәоит Маиа ҳаицәажәара иацҵауа. – Сара 25 шықәса анысхыҵуаз инаркны абласаркьа ныҟәызгалар акәхеит, убри аҟара ирацәаны саҧхьон, Кавказ ажәларқәа рҭоурых ҭысҵаауан, избанзар акәашараҿ уи даара исыхәон. Уи уахынла акәын санаҧхьоз, ҽынла – аклассикатә ҽазыҟаҵарақәа сырхысуан, анаҩс аучилишье аҟны арепетициақәа ҳархысуан, хәылҧазыла аконцертқәа ҳаман. Абас еиҧш имҩасуан сымш, схы-сыҧсы зегь ззыскуаз акәашара акәын, аха уи сара ахаангьы сахьымхәӡацт, сџьабаа избоз сыжәлар рыбзиабарала исҧылеит аҟнытә».

Асценаҟны Маиа Гьерзмааҧҳа илҧылеит лара лхатә насыҧгьы – абаҩхатәра ҷыда змаз акәашаҩ Руслан Чамагәуеи лареи еибазырдырыз акәашароуп. Лара даниба нахыс иаразнак дигәаҧхеит, аха лааигәа днеиаанӡа акыраамҭа бжьысыр акәхеит. «Адунеи аҿы зегь реиҳа насыҧ змоу аӡә соуп ҳәа исыҧхьаӡоит, избанзар са сыҧсҭазаараҿы иҟан абзиабара иашаҵәҟьа. Асценаҿы, ҳәарада, ахәаҧшцәа рыбзиабара сыцын есымша, уи сныруан, исыцхраауан, амҵәыжәҩақәа снаҭон. Аха аҧсҭазаараҿы ухатә ҩыза уеилызкаауа, есымша адгылара узҭо данумоу, иулымшашагьы улшаратәы амч уоуеит. Сара сҧыруан, аиаша шәасҳәоит, абзиабара сарҧыруан. Иҟалап, акәашараҿ абас еиҧш сахьалыркаазгьы убри сынасыҧ акәзар изыбзоуроу… Аҧсҭазаараҿгьы аразҟы бзиа соуит. Аҧҳәыс лзы даара акраҵанакуеит лара бзиа данырбо. Сара абри еиҧш анасыҧ салхәдаамхеит, Анцәа ҳазшаз ҳамҭа дуны исанаишьеит ари ацәанырра цқьа…» Сара аарла снархьыҧшит Маиа лыблақәа алаӷырӡ ишарцәаакыз, хьаа хьанҭаӡак ацәаарагьы налҿықәлеит, абара уахьӡартә. Маҷк ҿаҳҭуамызт, сара избон лхәыцрақәа хара дшыргаз… Уи лыҧшәма Руслан Чамагәуеи лареи жәашықәса инарзынаҧшуа ансамбль аҟны еицыкәашон, агастрольқәа рыманы адунеи асцена дуқәа ирыкәшеит. Русеицура еиҳагьы еизааигәанатәуан. Аха абар шьҭа ҩышықәса инареиҳауп Руслан иҧсҭазаара далҵижьҭеи. «Руслан кәашаҩык иаҳасабала иҿуҵаашаз даара ирацәан, уи иццаз аиҭаҵшьақәа рацәоуп, – ҳәа лгәы иаланы илҳәон Маиа. – Аха зегь акоуп, иахьазы аҷкәынцәа рыкәашара еиҳа еиӷьуп, аҭыҦҳацәа роуп маҷк ихьысҳау, иҵегь рхы аус адырулалароуп, аџьабаа ахаангьы иӡӡом. Асцена – уи даҽа планетак ауп, зынӡа аҽа дунеиуп. Убри азакәхап изырҳәо ауаҩы асценаҿы данықәгылоу дажәӡом ҳәа, избанзар уа иихиго аамҭа иқәрахь иацлаӡом, уа даҽа ҧхьаӡарак цоит. Нас шәазхәыц сара 37 шықәса асценаҿы исхызгазар, уажә шаҟа схыҵуа?!» 
Иҭабуп Анцәа шәахьҳаиҭаз азы!
© Алина Жьиҧҳа, 2013